Аԥсны

Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит

Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра аҵарашықәс мчыбжьык иацнаҵеит, аӡын аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны акарантин ахь иахьыҟаз азы.
Sputnik
Аԥснытәи ашколқәа 153 рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит рашәара 3 рзы. 28,5 нызқьҩык аҵаҩцәа рҟынтәи 1892-ҩык ашкол иалгеит. 12-ҩык ахьтәи араӡни медалқәа роураны иҟоуп.

Ахәыҷра аныҳәа

Аҟәатәи ахәбатәи ашкол аушьҭымҭацәеи арҵаҩцәеи аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы ҭакԥхықәрала рҽазыҟарҵеит. Аушьҭымҭацәа ранацәа рываргыланы ацәаҳәахьы инеит.
Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит
Традициала ацәаҳәа Аԥсны агимни зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ашкол аушьҭымҭацәа ргәаларшәареи рыла иалагеит.
Анаҩс актәи акласс аҵаҩцәа аушьҭымҭацәа ашәҭқәа рырҭеит, ирзышәаҳәеит, ирзыкәашеит.
Аушьҭымҭацәагьы аконцерттә программа аздырхиеит – амилаҭ кәашарақәа, авальс, афлешмоб мҩаԥыргеит. Аԥсышәала идырцәажәеит Филипп Киркорови Максим Фадееви еицырдыруа рашәақәа.
15-тәи ашкол аҵаҩцәагьы иара убас шәаҳәарылеи кәашарылеи рҵара хдыркәшеит. Адиректор Диана Қапԥҳа лылабжышқәа лзынкыломызт.

"Ҭабуп ҳәа расҳәоит шәзааӡаз шәҭаацәа. 11 шықәса раԥхьа урҭ аҭакԥхықәра ду саҵадыргылеит. Сгәанала, ари амҩа ҳаицанысит ишақәнагаз. Сшәацәҳахьазаргьы аказы, сеилышәкаа. Сҭакԥхықәра дуун", - лҳәеит лара.

Апланқәеи ахықәкқәеи

Ашкол №5 аҿы 44-ҩык ашкол иалгеит. Хҩык ахьтәы медал аиуразы амҩа иқәуп. Урҭ руаӡәк, Дариа Ситникова, Москва аҵараҵара лгәы иҭоуп.
Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит
"Сцәаныррақәа еиуеиԥшым. Агәырӷьарагьы, алахьеиқәрагьы сзацуп ари амш. 11 шықәса ниасны ицеит. Издыруеит ашкол шыгәхьаазгало", - лҳәеит лара.
Дариа аҵара лыцызҵо Саид Берулаагьы амедал аиура иҽазишәоит. Иҳәеит игәы еиҳа ишҭгәырӷьаауа.
Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит
"Ашкол схы аус адулашьа снарҵеит, аиҩызара бзиа закәу снарбеит", - иҳәеит иара.
Саид IT-технологиақәа рзанааҭ даднахалоит. Игәаанагарала, уи иахьазы аҵакы дууп. Аԥсны анҭыҵ иҵара ашьҭахь итәылахь аара игәҭакуп.
Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит