Арадио

Аушьҭымҭа Мықәба: хымԥада, игәхьааҳгалоит ҳзааӡаз ҳарҵаҩцәеи ашколи

Џьырхәатәи абжьаратә школ аушьҭымҭа Осман Мықәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашколтә шықәсқәа иара изы изеиԥшраз, занааҭс иалихуа, аԥхьаҟатәи игәҭакқәа ртәы.
Sputnik
Ҳтәыла ашколқәа зегьы рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит. Ҩажәи ааба нызқьи хәышәҩык аҵаҩцәа рҟынтәи 1892-ҩык ашкол иалгеит. 12-ҩык ахьтәи араӡни медалқәа роураны иҟоуп. Иахьа аҵак ду змоу мшуп аушьҭымҭацәа рзы. Дара жәеиза шықәса шьҭахьҟа иныжьны, аԥсҭазаара ду ахь ршьаҿа еихыргоит. Ари аамҭа иадырҳәало агәыӷрақәеи раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи рацәоуп.
"Жәеиза шықәса аҵара ахьаҳҵоз ашкол, ҳзааӡаз ҳарҵаҩцәа, аҵара аԥышәа ҳазҭаз, хымԥада, игәхьааҳгалоит. Аха, ус шакәугьы, ҳәарада, ԥхьаҟа ицатәуп, аҵара ҵатәуп", - иҳәеит заԥхьаҟа иҭоурыхҭҵааҩхарц зҭаху Осман Мықәба.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.