Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳапат Донецки Лугански рзы аԥсуа диаспораҟынтә ацхыраара иазкны

Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рзы ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рыхьӡала агуманитартә цхыраара Аԥснынтәи ашьҭра зхахьы изгаз Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат еиҭеиҳәеит ари аус шеиҿкаахаз.
Sputnik
Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рзы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рыбзоурала агуманитартә цхыраара Аԥснынтәи ишьҭын. Ари аус аиҿкаара ихахьы игеит ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭра, Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыԥуаҩ Низам Ҳапат. Агуманитартә цхыраара злашьақәгылаз, иахьынӡахадоу ас еиԥш иҟоу адгылара, насгьы Украина имҩаԥысуа иҷыдоу операциазы игәаанагара иҳәеит аефир аҟны Низам Ҳапат.
"Сара сеигәырӷьоит Ҭырқәтәыла ишынхогьы, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Аԥсны аҳәынҭқарра аполитика ахьеилыркаауа, иахьадгыло. Дара ирҳәоит ҳажәлар, ҳаԥсадгьыл, ҳҳәынҭқарра ирӡбо адгылара аҳҭоит ҳәа. Уи даара угәы ҟанаҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳапат.
Иара иҳәеит, иалшоны иҟалозар, агәҭакы шрымоу аԥхьаҟа Аԥснынтәи Донбасс еибашьуа аԥсуаа рзы цхыраарак аҟаҵара, избанзар урҭ аибашьцәа аԥсуа ҳәынҭқарра ахьӡ ҭыргоит.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.