Хархәарада иаанхаз "Гәандра": Афонҿыцтәи адәыӷба аанҿасырҭа аҭоурых

Адәыӷба аанҿасырҭа "Гәандра" ыҟоуп Гәдоуҭа араион Гәандра аҳаблан.
Sputnik
Ари адәыӷба аанҿасырҭа аартын 1944 шықәсазы. Аханатә ааҭгыларҭа "Ацитрустә" ахьӡын. Анаҩс 1951 шықәсазы ахьӡ еиҭаркит "Наринджовани" ҳәа. Иахьатәи ахьӡ аиуит 1967 шықәсазы.
Гәандра амшын излаԥну ала аҳабла апсшьацәа аҭаауеит, убри аҟнытә асовет аамҭақәа рзы адәыӷбақәа ааҭгылон. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь адәыӷба аанҿасырҭа "Гәандра" игәыгәҭажьны иаанхеит. Иахьа араҟа апасаџьыртәгьы аидарамҩангагатәгьы адәыӷбақәа акагьы ааҭгылаӡом.
1 / 9

Адәыӷба аанҿасырҭа "Гәандра" ыҟоуп Гәдоуҭа араион Гәандра аҳаблан.

2 / 9

Ари адәыӷба аанҿасырҭа аартын 1944 шықәсазы.

3 / 9

Аханатә ааҭгыларҭа "Ацитрустә" ахьӡын.

4 / 9

Ари ахьӡ фышқәса заҵәык иахын.

5 / 9

1951 шықәсазы ахьӡ еиҭаркит "Наринджовани" ҳәа.

6 / 9

Иахьатәи ахьӡ аиуит 1967 шықәсазы.

7 / 9

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь адәыӷба аанҿасырҭа "Гәандра" игәыгәҭажьны иаанхеит.

8 / 9

Араҟа апасаџьыртәгьы аидарамҩангагатәгьы адәыӷбақәа акагьы ааҭгылаӡом.

9 / 9

Адәыӷба аанҿасырҭа "Гәандра" аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп.