Аԥсны

Аԥснытәи аԥқьаҭасҩы Уфа имҩаԥысуаз аицлабраҿ аиааира игеит

"Аԥқьаҭаз Академиа J-PRO ахраҿаз аԥхьахәқәа" аицлабра мҩаԥысит Уфа ақалақь лаҵара 27-30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аашықәса зхыҵуа аԥснытәи аԥқьаҭасҩы Нестор Цужба "Аԥқьаҭаз Академиа J-PRO ахраҿаз аԥхьахәқәа" аицлабраҿ ахьы медал игеит ҳәа Sputnik иазеиҭалхәеит иазыҟаҵаҩ Елизабет Акуциа.
Лара лажәақәа рыла, Нестор ԥшьышықәса анихыҵуаз инаркны аԥқьаҭ дасуеит, аицлабрақәа рыҟны еснагь аиааира хықәкыс имоуп .

"Уфа аицлабрақәа ралагамҭазы Нестор дычмазыҩхеит, ашоура иман, аха имчқәа зегь еибыҭан илшамҭақәа ааирԥшит. Ихәмарра аҩаӡара ҳаракын. Афинал аҟны ахәмарра зегь рыла ицәгьан, аха илшеит", - лҳәеит лара.

Азыҟаҵаҩ иазгәалҭеит аицлабра ишалахәыз зынӡа 16-ҩык аспортсменцәа.
Аԥсны
Аԥснытәи аспортсмен аԥқьаҭасразы Урыстәылатәи атурнир аҟны аиааира игеит