Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Начҟьебиа аԥсышәала ахәыҷтәы литература аԥеиԥш иазкны

Иахьазы зҭахра ыҟоу, аха шамахамзар иуԥымло аԥсышәала ахәыҷтәы литература аԥеиԥш далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Наҷҟьебиа.
Sputnik
Аԥсышәала ахәыҷтәы литературазы аҭахра ыҟоуп ауаажәлар рҟны. Атәыла аиҳабыра мышқәак раԥхьа ишьақәнарӷәӷәеит асахьаркыратә литература аҭыжьразы 2022 шықәсазтәи атематикатә уснагӡа. Убри аан Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Наҷҟьебиа иазгәеиҭеит, ахәыҷтәы литература аҭыжьразы алшарақәа шаԥҵатәу. Ахәыҷтәы литература аԥсышәала – иахьазы зҭахра ыҟоу, аха шамахамзар иуԥымло аԥеиԥш амоума?
"Ахәыҷқәа рзы ашәҟәқәа рҭыжьразы ҷыдала ацхыраара ҟалароуп. Аиҳабыра рахь ашәҟәы ҳашьҭит, ҳгәаанагара шыҟоу ианҳазҵаа, шаҟа кьыԥхьбџьыц, шаҟа харџь аго, ишҭыжьтәу насгьы уи еиҿызкаауа ашәҟәыҭыжьырҭаҿы иҳамоума ҳәа. Ауаа ҳамоуп, ацхыраара ҳаур, иаарласны еиҿаҳкаауеит сынтәа зҭыжьра аҳарбаз. Ахарџь инықәырԥшшәа ауп ишаҳарбаз, шаҟацәҟьа итәо макьана ашәҟәы ҟаҵаны иҳауаанӡа аҳәара уадаҩуп. Насгьы ахәыҷтәы литература иаҳа ахарџь аҭахуп. Усҟан ҩ-мииллион мааҭ ҳәа аҳарбеит, аха ԥшьымз ҵхьеит, макьаназы иҟам", - иҳәеит Начҟьебиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.