Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа амшын аԥшаҳәа дрыцқьеит

Урыстәылатәи аруаа лассы-ласс Гәдоуҭа, Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа рыҟны ахысырҭадәқәа ахьыҟоу амшын аԥшаҳәа дрыцқьоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база аруаа Адунеизегьтәи аԥсабара ахьчара амш инамаданы Аԥсны имҩаԥыргеит "Ицқьоу амшын аҟәара" захьӡу акциала амшын аԥшаҳәа арыцқьара. Абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аекологиатә десант амшынхықә ацәаҳәаҟнеиԥш амшын аҟынгьы агәамсам ҭыргеит. Аруаа Гәдоуҭа, Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа рыҟны ахысырҭадәқәа ахьыҟоу амшын аԥшаҳәаҿы еизыргеит апластиклыхи асаркьалыхи реиԥш еиуеиԥшым аҟьамсар. Иааизакны 50 нызқь метра ԥшьыркца инеиҳаны идрыцқьеит.
Еизыргаз аҟьамсар зегьы еидкыланы, иҟны, ишақәнагаз еиԥш иқәыргеит.
Акциа "Ицқьоу амшын аҟәара" урыстәылатәи аруаа рҭаацәеи дареи иааиԥмырҟьаӡакәан ашықәсан ҩынтә имҩаԥыргоит. Аԥхын алагамҭа рашәарамзази, ҭагалан жьҭаарамзази Жәларбжьаратәи Амшын еиқәа амш ази.
Аԥсны
Аҟәатәи асанепидмаҵзура акурорттә аамҭазы аплиажқәа шазыҟаҵоу ахәшьара арҭеит