Аԥсны

Афон ҿыц рашәара 7 рзы лашарада иаанхоит

Арҽеиратә-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирхырҟьаны афымцалашара дырцәоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. Уаҵәы, рашәара 7 рзы, Афон ҿыц ауааԥсыра ф-сааҭк лашарада иҟазаауеит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Афымца еихшарҭа "Афон ҿыц" аҟны алашара ырцәазаауеит асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа.
"Амшынеиқәафымцамч" аҭамзаара шьҭанаҵоит иҟалаз ауадаҩрақәа рзы.