Арадио

Лашәриа ақыҭазы: иагьа иџьабаазаргьы, уахьааӡаз иаҳа иузгьамоуп

Кәтолтәи анхаҩы Кьесоу Лашәриа арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Ақыҭа- нхарҭа ҭыԥуп" аҟны еиҭеиҳәеит ақалақь аҟны аусура ааныжьны ақыҭа ихы адиҳәаларц зиӡбаз, ақыҭаҿы инапы злаку аусқәа, урҭ лҵшәас ирымоу.
Sputnik
Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.