Арадио

Логәуа Арӡынбеи Багаԥшьи рбаҟақәа апроектқәа раԥҵаразы: аҭакԥхықәра зегьы рхахьы ирызгом

Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара шымҩаԥысыз, насгьы уаҟа излацәажәаз азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит акультура азҵаарақәа рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа.
Sputnik
Логәуа игәалаиршәеит, шықәсыбжак аԥхьа ацәыргақәҵатә зал аҿы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изку абаҟеи атәыла аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟеи азы апроектқәа ралԥшаара шымҩаԥысыз. Арӡынба ибаҟа ргылахоит Ахақәиҭра ашҭаҿы, Сергеи Багаԥшь - иара ихьӡ зху ашҭаҿы. Усҟан абаҟа ҟалараны иахьыҟоу ашҭақәа реиҿкаашьа иаҳа аԥыжәара рыман аскульптуратә хаҿсахьақәа раасҭа, убри аҟнытә авторцәа ирыдҵан аскульптура апроектқәа иаҳа инарҵауланы рыхәаԥшразы ҳәа еиҭеиҳәеит Логәуа.
Уажәы ишеилкаахаз ала, аиндаҭлараҿы иалкааз апроектқәа макьана еиҭныԥсахлара ҳәа акгьы аабом, убри аҟнытә акомиссиа аҿы иазгәаҭан аинформациа аизгара асахьаҭыхыҩцәа рҟынтә. Урҭ адҵа рыман абаҟа ашҭа ианрааланы аҟаҵара ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Хымԥада, иуадаҩуп абаҟа аҟаҵара, асахьаҭыхыҩцәа ирдыруеит ахыдҵа иацу ахьанҭара, еиҳарак Аԥсны раԥхьатәи ахада ихаҿсахьа аҟаҵара амонументалтә ҟазшьа аҭаны - уи имариоу зҵаарам, аҭакԥхықәра зегьы рхахьы ирызгаӡом. Иаҿуп асахьаҭыхыҩцәа аус адулара, урҭ русумҭақәа аӡыргара иазыхиазар, еиҭа ацәыргақәҵатә зал аҿы ауааԥсыра идырбахоит", - ҳәа иҳәеит Логәуа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.