Путин еиҭеиҳәеит мраҭашәаратәи атәылақәа иҟарҵо агхақәа рыхҟьаԥҟьақәа ртәы

Путин иҳәеит иахьатәи аамҭазы Урыстәыла есымшеиԥш аекономикатә мҩа аартра ишанызаауа, мҽхакыҭбаала жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара ишазыхиоу.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит шықәсы рацәала мраҭашәаратәи атәылақәа рполитикцәа иҟарҵо агхақәа, адунеитә економика анырра ӷәӷәа анаҭеит ҳәа. Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум 25 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы иҟаҵаз аофициалтә аацҳамҭа кьыԥхьуп Кремль асаит аҟны.

"Мраҭашәаратәи атәылақәа шықәсы рацәала аекономикатә политикаҟны иҟарҵоз агхақәеи, асанкциақәеи, аԥара ахә акаҳарахьи, изышьцылаз аимадарақәа раанкылареи, афатә-ажәтәи рыҟамзаарахь инанагеит", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит 2020-тәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла ишалшо аекономикатә суверенитет арӷәӷәара напаркра – ахатәы аинфраструктуреи атехнологиатә базеи аизырҳара, ихьыԥшым алҵшәа бзиа узҭо афинанстә система ашьақәыргылара, еиуеиԥшым ахырхараҭақәа рыла аҟазацәа разыҟаҵара.
Иара убас Путин иҳәеит, Урыстәыла аҿиаразы ишхымԥадатәиу амилаҭтә валиута аизырҳара.