Аԥсны

Шәышықәса зхыҵуа аҭәаҵла амҵан: Аԥсны Пушкин иирамш шазгәарҭаз

Аурыс литература аклассик ду, хыԥхьаӡара рацәала аԥҵамҭақәа равтор, жәабала адунеи абызшәақәа рахь зҩымҭақәа еиҭаргахьоу Александр Пушкин диит 223 шықәса уажәаԥхьа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Уажәшьҭа итрадициахаз Александр Пушкин иирамш азгәарҭоит Аҟәа ибаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵаралеи иажәеинраалақәа рыԥхьареи, аурыс литератураҿ ҭыԥс иааникыло алацәажәареи рыла.
Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны игылоу аҭәаҵла амҵан есышықәса еиԥш имҩаԥысит Пушкинтәи аԥхьарақәа. Еизеит апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, еицырдыруа аклассик иаԥҵамҭақәа абзиабаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә алагмҭалаз апоет Владимир Занҭариа еизаз иргәалаиршәеит, асахьаркыратә еиҭагараҿы илагала шдуу иажәеинраалоу ароман "Евгени Онегин" аԥсышәала еиҭазгаз, ажәа азҟаза Мушьни Лашәриа.
"Сара даҽазныкгьы идысныҳәалар сҭахуп аурыс литературеи аԥсуа литературеи рӡыргараҿ илшамҭақәа рзы Апатриархтә литературатә премиа ианашьара. Акыр аџьабаа зцыз аиҭага ароман "Евгени Онегин" хаз шәҟәны иҭыжьын 1969 шықәсазы Аҟәа. 2018 шықәсазы ароман харҭәааны ҩбызшәакны аԥсышәалеи урыс бызшәалеи иҭыжьын", - иҳәеит Занҭариа.
1 / 5

Аҟәа Пушкин иирамш азгәарҭеит.

2 / 5

Аҟәа Пушкин иирамш азгәарҭеит.

3 / 5

Аҟәа Пушкин иирамш азгәарҭеит.

4 / 5

Аҟәа Пушкин иирамш азгәарҭеит.

5 / 5

Аҟәа Пушкин иирамш азгәарҭеит.

Анаҩс еизаз рҿаԥхьа дықәгыло Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит, Александр Пушкин иирамш ныҳәак еиԥш есышықәса Аԥсны ишазгәарҭо.
"Акыр иаԥсоу аҩызцәа, апоезиа бзиа ижәбала, апоезиа акоуп иҟоу - адунеитә. Формала имилаҭтәзар ҟалоит, аха ҵакыла адунеизегьтәиуп. Алирика гәаартылатәи еицәажәароуп, ауаҩы ихы-иԥсы зегь аанырԥшуеит, уи Пушкин иакәзааит, Баирон, Есенин, Баграт Шьынқәба, Таиф Аџьба ракәзааит", - иҳәеит апоет.
Онегин аԥсышәала: Александр Пушкин иирамш аҳаҭыразы
"Евгени Онегин" аиҭага автор ароман аҵыԥҵәахақәа аԥсышәала дрыԥхьеит, уи ашьҭахь Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхгаҩ ҿыц Дмитрии Федотов ашәҟәы ҳамҭас ииҭеит.
"Сара уажәы стәаны сазыӡырҩуан Пушкин иҩымҭақәа аԥсышәала рышьҭабыжь шго. Аиашазы, уцәеижь еиланыргылоит. Аныҳәа иаҭаази еиҿызкаази иҭабуп, Пушкин дахьышәгәалашәо иҭабуп", - иҳәеит Федотов.
Аныҳәа аҟны аҟәатәи ашколхәыҷқәа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, Пушкин иҩымҭақәа ирылхны ақәыргыламҭақәа ддырбеит.
Еицырдыруа аурыс поет, иахьатәи аурыс литература абызшәа ашьаҭаркҩы Александр Пушкин иирамш азгәарҭоит рашәара 6 рзы. Ари аҽны Урыстәылеи адунеи аҟныи иазгәарҭоит Аурыс бызшәа амш.
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лашәриа Пушкини аурыс бызшәеи амилаҭтә культураҿы иазкны