4 шықәса раԥхьа Баграт Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд еиқәнаршәеит ахәыҷқәа ирмарианы аԥсшәа дырҵаразы апроект ҿыц. Уи ԥышәарак аҳасабала Аҟәа ақалақь ахәыҷбаҳчақәа ҩба реиҵбыратә гәыԥқәа ирылагалан. Шықәсык иалагӡаны иара иаанарԥшыз алҵшәақәа реихшьала ҟаҵан ааигәа ААУ еиҿкааз аиԥылараҟны.
Анқәабԥҳа еиҭалҳәеит аметодика аиқәыршәаразы аусуратә гәыԥ шхацыркхаз, уи арҵагатә шәҟәы шеиқәыршәахаз. Анаҩс лара дазааҭгылеит апрограмма зхы иазырхәоз иазгәарҭо атәы, аԥышәаҿы иаанырԥшыз.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.