Аԥсны

Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи акультура ахырхарҭала аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аус адырулоит

Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба аусутә еиҿцәажәарақәа рзы Краснодартәи атәылаҿацә аҟны дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи акультуреи, аҟазареи ахырхарҭа аҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аус адырулоит, абри атәы аанацҳауеит Акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба дылԥылеит Краснодартәи атәылаҿацә акультура аминистр Викториа Лапина.
Аиԥылараҟны ҩганктәи аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас иахьазы иҟоу аимадарақәа рырҿиаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи ахырхарҭақәеи ирзааҭгылеит.