АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Аҳәынҭқарра астатистикатә еилакы "Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә –дгьылҵакырала ашашьа" ашәҟәы еиқәнаршәеит, абри атәы аҩуеит "Аԥсныпресс" амаҵзура Аилак аиҳабы Кама Гогьиа лажәақәа шьаҭас иганы.
Лажәақәа рыла, аҭыжьымҭа аус еиҭадулоуп, 1992 шықәса инаркны иахьатәи аамҭанӡа Аԥсны анхарҭа ҭыԥқәа рыхьӡқәа аиҭакрақәа зегьы рыла ихарҭәаауп.
"Ҳара раԥхьаӡакәны Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә –дгьылҵакыра ахәҭаҟны астатистикатә дыррақәа реизгареи аус рыдулареи рзы еиқәҳаршәеит Административтә –дгьылҵакырала ахыԥхьаӡаратә еихшара (АДХЕЕ-аред.), уи инақәыршәаны Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи акодқәа рыҭоуп", - лҳәеит Гогьиа.
Аизга ихәарҭа духоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аиҿкаарақәеи русураҟны. Ирыҭахоит ареспублика араионқәеи ақыҭақәеи рхадарақәа.
Аҳәынҭстатистика аиҳабы Кама Гогиа лгәаанагарала, аизга иалнаршоит атопонимикатә хьыӡқәа ииашаны ахархәареи аҭоурыхтә ҭыԥхьыӡқәа реиҭашьақәыргылареи.
"Аиланхарҭа ҭыԥқәа рыхьыӡқәа рҭыжьра иалнаршоит, акыр шықәса раахыс еицакыз атопонимикатә ҭыԥхьыӡқәа реиҭашьақәыргылара. Ҳақәгәыӷуеит ареспублика зегь аҟны аусеиларгареи ашәҟәқәа реиқәыршәареи рыҟны ахархәара аиуп ҳәа", - лҳәеит Гогиа.
Анхарҭа ҭыԥхьыӡқәа иҩуп аԥсышәалеи урысшәалеи.