АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Аԥсны Аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит авиациатә шәарҭадареи аҳаирплан маҷқәа рхархәареи азҵаарақәа ирызкыз аилацәажәара. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аеконамика аминистр Кристина Озган аминистрра атранспорт аҟәшеи аҳаирбаӷәаза анапхгареи рнапы ианылҵеит, аҳаирпланқәа рыԥшәмацәа адырра рырҭарц аԥырразы аминистрра аҟынтәи азин рымазар шакәу.
Апассаџьырцәа ршәарҭадара, еиҳарак аԥхынтәи аԥсшьара аамҭазы, аԥсшьаҩцәа хыԥхьаӡара рацәала раара ианазԥшу – Аԥсны анапхгара рзын ихадароуп. Аҳаирплан маҷқәа рыԥшәмацәа зегьы ареспублика авиациатә ҭаххарақәа ирықәныҟәароуп.
Убри аан, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуцәа ацхыраара ҟарҵалоит авиациатә ҭаххарақәа рынагӡараҿы.
Арыцҳарақәа, аҳаирплан маҷқәа рҭахара уаанӡагьы Аԥсны иҟалақәахьан. 2017 шықәсазы Пицунда икаҳаит аҳаирплан маҷ "ЧУ-23м", усҟан иҭахеит ҩыџьа апассаџьырцәеи аԥырҩыи. Уи аԥхьаҟагьы аҳаирплан маҷ А-33 ишакәымыз итәахьан.
Ас еиԥш иҟоу аҳаирплан маҷқәа еиҳарак ихатәқәоуп, иныҟәызцо аԥырҩы-абзиабаҩцәа роуп, ауаа рымҩангара азин змам.