Аԥсны

Иҭоурыху аҿыханҵа: аетно-парк "Аԥсны" ицәырҵит уаҩы иимбац аргылара

Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы Александр Местов амилаҭ ҭоурыхтә парк "Аԥсны" аҟны амурал аус адиулоит (аҭыӡқәа рыҟны аҭоурыхтә сахьақәа ҭихоит - аред. азгә.).
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik. Апарк иахьаҵанакуа игылоу абааш Анаҟәаԥиатәи ахьчаратә бааш еиԥшны иҟаҵоуп. Иара аргылара иагәыцә хадоуп ҳәа азгәалҭоит апарк "Аԥсны" амузеи аиҳабы Илона Кәыҵниаԥҳа.
Абааш аҿаԥшыларатә хәҭала иҭыхуп аибашьҩы, аԥсҳа, ацқьа агәаҟраԥсра здызкылаз Евстафиа Аԥсилтәи ипортрет, аибашьратәҭыхратә сцена - шәышықәсала аԥсуаа ззеибашьуаз ахақәиҭреи аиашареи зныԥшуа.
Амурал автор, асахьаҭыхыҩ Александор Местов жәашықәса инарзынаԥшуеит мҽхакы ҭбаала аҩндуқәа рҭыӡқәа рыҟны асахьанҵа даҿуижьҭеи.
1 / 5

Аетнографиатә-парк "Аԥсны" абааш аҭыӡқәа аҭоурыхтә сахьала аиқәыршәара

2 / 5

Аетнографиатә-парк "Аԥсны" абааш аҭыӡқәа аҭоурыхтә сахьала аиқәыршәара

3 / 5

Аетнографиатә-парк "Аԥсны" абааш аҭыӡқәа аҭоурыхтә сахьала аиқәыршәара

4 / 5

Аетнографиатә-парк "Аԥсны" абааш аҭыӡқәа аҭоурыхтә сахьала аиқәыршәара

5 / 5

Аетнографиатә-парк "Аԥсны" абааш аҭыӡқәа аҭоурыхтә сахьала аиқәыршәара

"Уадаҩрас иаҵоу, ахәаԥшцәа ҵаҟантәи ирбо аусумҭа ииашоу акәаҟьҭалагь ирбозароуп. Ари даара аинтерес зҵоу проектуп, адаздам усумҭоуп, шьҭахьҟа уанынаскьалак аҿыгҳара аилазаара убарҭахоит, уи азын акыраамҭа уахәыԥшыроуп асахьақәа зегь убарцаз", - ҳәа иҳәоит асахьаҭыхҩы.
Местов иазгәеиҭеит, иусумҭақәа аԥсуа сахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ескизла ишҭыху.
Рнапала игәырӷьоит: ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа мгәыӡырхәатәи рфестиваль "Аихамца"