Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров: Киев Москва ацәажәара мап ацәнакуеит

Урыстәылеи Украинеи рделегациақәа ҩынтә Белоруссиа еиқәшәеит, ахԥатәи аҵыхәтәантәи реиҿцәажәара Ҭырқәтәыла хәажәкырамза анҵәамҭазы имҩаԥысит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит, Украина Москва ацәажәара мап ацәнакуеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости УАА аминистр онлаин имҩаԥигоз ипресс конференциа шьаҭас иганы.

"Украинаа адҵа ҟарҵоит жәабран 24 рҟынӡа иҟаз аҭагылазаашьа ҳархынҳәырц, есыҽны еиуеиԥшым еиҿагыло ахыҭҳәаа ҿыцқәа рҳәоит. Украина аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара мап ацәнакит. Ҳгәаанагарала, дара уи ала англосаксонктәи анапхгаҩцәа рзыҳәа нарыгӡоит ҳәа", - иҳәеит адипломат.

Лавров иҳәеит, украинатәи аган иҟанаҵоз азыҳәақәа рыла Урыстәыла аусура ишазыхиаз, аха аиқәшаҳаҭра апроект "мызки бжаки еиҭакрада украинатәи аган аҟны иҟоуп".
Аминистр иара убас иазгәеиҭеит. Киевҟа абџьарнашьҭра хара ицо ахҟьаԥҟьақәа шацу.
Убри аан Лавров иҳәеит, Урыстәылеи мраҭашәаратәи атәылақәеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиқәырхареи рырҿиареи аганахьала русура ишацнаҵо, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "цәгьашақә ирзыҟоу атәылақәагьы", аха аӡәгьы урҭ "дырхьынҳалаӡом".
Путин еиҭеиҳәеит мраҭашәаратәи атәылақәа иҟарҵо агхақәа рыхҟьаԥҟьақәа ртәы