Аԥсуа школқәа рҿы актәи аԥышәара рҭиуан аԥсуа бызшәеи алитературеи рыла - аиҭаҳәаҩра ахыҭҳәаа аелементқәа алаҵаны. Атема - аԥсуа ԥҳәызба аибашьраҿы. Аиҭаҳәа рыҩуан "Аԥҳәыс лыпату" аҟынтә аҵыԥҵәаха ала ҳәа адырра ҟалҵеит Џьопуаԥҳа.
Сынтәа Аҟәатәи 5-тәи ашкол иалгоит 44-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьынтә х-ҩык медалла. Аӡәы аԥышәара аҟынтә ихы дақәиҭтәын, аолимпиада дахьаиааиз азы ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа.
"Ари раԥхьатәи ҿырԥштәуп, аушьҭымҭа аԥышәара аныимҭиуа. Сгәы иаанагоит ахәыҷқәа ҳаԥхьаҟа агәаҳәара роуеит аолимпиада аҽалархәразы. Сара акыр ҵуеит ашкол аҿы аус зуеижьҭеи, ас еиԥш аҭагылазаашьа абыржәоуп ианыҟала. Уи даара иманшәалоуп", - ҳәа лҳәеит Џьопуаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.