Шәача аԥшатлакә ҟалар ауеит ҳәа агәҽанҵара ҟарҵеит

Иаҭҭаханы иҟалар ақалақь анапхгара аплиажқәа адыркыр рылшоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik. Шәачеи Тҟәаԥси аҩхаақәа рыбжьара ари амчыбжь азы аԥшатлакә ҵысыр алшоит, анаҩс Амшын Еиқәа аԥшаҳәахьы икылсыр ҟалоит, агәҽанҵара ҟарҵоит ауаажәларра рыхьчареи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рзы Урыстәылазегьтәи аҭҵарадырратә институт.
Аԥшатлакә аҵысра аҳауаԥхарра 25 градус иахьеиҳау, амшынӡы аҟәандара 20 градус иахьыҟоуи ирыхҟьар алшоит ҳәа рҳәоит аинститут аҟны.
Абарҭқәа зегьы ашәарҭара цәырнагоит аԥшатлакә аҟалара аҩхааа дуқәа рааигәа иҟоу аиланхарҭақәа Лоо, Иакорнаиа шьель, Магри иара убас егьырҭ араионқәа Шәачеи Тҟәаԥси рыҟны.
Иазгәаҭоуп, аиҳабыра иахәҭоу аӡбара шрыдыркыло, урҭ рыбжьара аплиажқәа раркра иара убас ақалақь ауааԥсыра аԥшатлакә шыҟало атәы рылаҳәара.