Аԥсны

Урыстәыла амш аҽны Аҟәа иаатуеит "Аурыс сахьаҭыхыҩцәа Аԥсны" ацәыргақәҵа

"Аурыс сахьаҭыхыҩцәа Аԥсны" ацәыргақәҵа аартхоит Москва Аиҳабыра иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны, рашәара 9 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. "Аурыс сахьаҭыхыҩцәа Аԥсны" ацәыргақәҵаҟны иаарԥшхоит XX ашәышықәса иатәу аурыс сахьаҭыхыҩцәа Аԥсны иазыркхьаз 45 усумҭа, абри атәы Sputnik апресс-конференциаҟны илҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аиԥш зеиԥшу ацәыргақәҵа Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥыргоит, уи азы аҭоурыхтә ҵакы амоуп.

"Аԥсны Асахьаҭыхымҭақәа рмилаҭтә галереиа аҟны иҵәахәу асахьақәа рбара мацара акәым изызку ацәыргақәҵа, ихадаратәу- егьырҭ асахьаҭыхыҩцәа Аԥсны ишаҭаауази, урҭ Аԥсны асахьаҭыхратә ҟазара аҿиараҿы рлагала аарԥшреи ауп. Акультуратә еимадарақәа рышьклаԥшра есымшагьы аинтерес аҵоуп", - лҳәеит лара.

Ицәыргақәҵахо асахьақәа Аԥсны Асахьаҭыхымҭақәа рмилаҭтә галереиа афонд иатәуп. Уи анапхгаҩы Сурам Сақаниа иҳәеит, ахәаԥшцәа ирбарц шрылшо Контарев, Сегаль, Брендель, Бубнова, Котлиаров, Писарчук русумҭақәа.
Аҟәа иҟоу Москва аҩны аиҳабы Александр Бигәаа иажәақәа рыла, ари ацәыргақәҵала Урыстәыла амш азгәаҭахоит.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит рашәарамза 17 аҟынӡа.