Ермантәыла аоппозициатә мчқәа аҿагыларатә акциақәа Ереван имҩаԥыргоит атәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан ԥхьатәара ишьҭразы. Акциа алахәцәеи аполициа аусзуҩцәеи еидыслалоит. Уи инамаданы иацы Ереван агәаны иаанкылан аидысларақәа ирылахәыз. Ас еиԥш аҿагыларатә қәгыларақәа зымҩаԥырго, аерман ҳәынҭқарреи Ашьхатә-Ҟарабах Арцахи рцәыӡрахь икылыргоит атәыла амчра ҳәа рыԥхьаӡоит амитинг иалахәу. Ахҭысқәа рыҿиашьа, урҭ икылнагарц ахьалшо, аҭагылазаашьа хара имгакәа изҭышәынтәалахарыма? Абарҭқәа дрылацәажәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.