Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәакәасқьырԥҳаи Кәарҷиеи ахәыҷқәа рзы "акоменданттә сааҭ" иазкны

Аԥсны ахәыҷқәа рзы "акоменданттә сааҭ" алагалара аҭахны иҟоума, абри азы арадио Sputnik аефир аҟны ргәаанагара рҳәеит Аԥсны Апедагогикатә институт адиректор Ирина Кәакәасқьырԥҳаи Ауаажәларратә палата алахәыла Абесалом Кәарҷиеи.
Sputnik
Зықәра наӡам ахәыҷқәа рхала адәахьы иҟамзароуп аӡын аамҭазы асааҭ 22:00 рынахыс, аԥхынразы - асааҭ 23:00 инаркны ҳәа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит зықәра намӡац ахәыҷқәеи аҿари рзы азакәан анагӡашьа ахылаԥшразы Аԥсны апрокурор хада ицхырааҩ хада Лариса Ҵулукьиаԥҳа. Лара лажәақәа рыла, ахәыҷқәа злахәу ацәгьоурақәа реиҳарак уахынлоуп ианымҩаԥысуа. Ҵулукьиаԥҳа илҳәеит "акоменданттә сааҭ" азы азакәан апроект шыхиоу, аха уи аимак-аиҿак шацу. Азакәан ахәыҷқәа рзинқәа еиланагоит ҳәа изшьо ыҟоуп, иара убри аан азакәан ахәыҷқәа ршәарҭадара ахьчоит.
Иабанӡаҳнаалои ари азакәан ҳара? Ауаажәларраҿы адгылара замами? Еиланагома иара ахәыҷы изинқәа? Насгьы ажәашықәсақәа раԥхьа аиԥш зеиԥшу азҵаарақәа зцәырымҵуаз? Арадио Sputnik аефир аҟны ргәаанагара рҳәеит Аԥсны Апедагогикатә институт адиректор Ирина Кәакәасқьырԥҳаи Ауаажәларратә палата алахәыла Абесалом Кәарҷиеи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.