Аԥсны

"Москва аҩны" амедицинатә маҭәахәқәа Очамчыратәи ахәшәтәырҭа ҳамҭас ианаҭеит

Ахәшәтәырҭа 300 нызқь мааҭ рыхә амедхархәагақәа аҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik. Москватәи акультура-усутә центр "Москва аҩны" амедицинатә маҭәахәқәа Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭа ҳамҭас ианаҭеит.
Аҟәа иҟоу "Москва аҩны" адиректор хада Александр Бигәаа иажәақәа рыла, Москва аиҳабыра аҳәаанырцә иҟоу рџьынџьуаа ацхыраара рыҭаразы аԥара азоурыжьуеит.

"Аиԥш зеиԥшу акциа изныкымкәа имҩаԥаҳгахьеит. Цыԥх ацхыраара аҳҭеит Ԥсҳәы ақыҭа. Ҵыԥхцәа Гәылрыԥшьтәи арратә госпиталь. Ажәакала, ари акциа есышықәса знык имҩаԥаагоит. Ауаа ирҭаху азы иҳадҵааларц рылшоит, ҳара рҭахрақәа рынагӡаразы аусурақәа мҩаԥаҳӷоит", - иҳәеит иара.

Араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариа лажәақәа рыла, иҟаҵоу ацхыраара агәахәара ду рнаҭоит. Амаҭәахәқәа рсиа аҳақьымцәа рхала еиқәдыршәеит.
"Арҭ амаругақәа зегьы ахәшәтәырҭаҿы ахархәара заҳҭо роуп. Алшара ҳауит ахымхәацәа ацхыраара раҳҭарц. Ашьақарчымазара змоуи зшьақәыӷәӷәара халои рыда ихәарҭам амаругақәа раҳҭарц ҳалшоит. Иҟаҵоу ацхыраара ҳаигәырӷьоит", - лҳәеит лара.
Московский культурно-деловой центр "Дом Москвы" в Сухуме передаст Очамчырской центральной районной больнице медицинское оборудование.
Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭа иарҭеит: ашьақәыӷәӷәара шәагақәа хәба, арныҟәагақәа хәба, ахымхәацәа зықәтәо арныҟәагақәа хԥа, ашьақаршәагақәа 20, аҵәарсҭақәа змоу рзы агәабанқәа хәба, асақьаҭқәа 20. Иааидкыланы ахәшәтәырҭа 300 нызқь мааҭ рыхә амедмаҭәахәқәа аҭоуп.