Урыстәылаа амаамынқәа рцәырԥшӡа COVID-19 аасҭа ишәарҭам ҳәа рыԥхьаӡоит

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара адыррақәа рыла, амаамынқәа рцәырԥшӡа адунеи атәылақәа 27 рҿы 780-ҩык апациентцәа ирыдбалоуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Урыстәылаа реиҳараҩык Европа алаҵәара иаҿу амаамынқәа рцәырԥшӡа амҽхак COVID-19 аепидемиа аасҭа ишәарҭахом ҳәа рыԥхьаӡоит, абри аҩыза алкаа ҟаҵоуп азҵаара-ҭҵаара "ВЦИОМ-Спутник" аҟынтәи.

Изазҵааз рахьтә 70% агәаанагара рымоуп мҽхакылеи хҟьаԥҟьалеи амаамынқәа рцәырԥшӡа акоронавирус аепидемиа аасҭа ишәарҭахом ҳәа, 4% - уи акоронавирус аасҭа еицәахап ҳәа, 9% - амаамынқәа рцәырԥшӡа акоронавирус аиԥшҵәҟьа аԥхасҭа ҟанаҵап ҳәа, 17% азҵаара аҭак аҟаҵара рцәыцәгьахеит.

Амаамынқәа рцәырԥшӡа Қырҭтәыла апациентцәа ҩыџьа ирымазар ҟалап ҳәа агәҩара ыҟан. Аӡәы ишиламыз аадырԥшхьеит, аҩбатәи макьана иҭҵаара иаҿуп.
Ҭелла Урыстәылазегьтәи азҵаара-ҭҵаара "ВЦИОМ-Спутник" мҩаԥыргеит лаҵара 31 рзы. Уи иалахәын 18 шықәса инеиҳаны изхыҵуа 1600-ҩык урыстәылаа.