АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Иементәи ареспублика Аԥсни иареи рхьыԥшымрақәа еицазхарҵарц, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵарц ажәалагала ҟанаҵеит, абри атәы ааицҳауеит Шьамтәыла иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба.
"Ҳара Иемен даара ҳазҿлымҳауп. Аха уа уажәы аҭагылазаашьа уадаҩуп, аграждантә еибашьра цоит уҳәар ҟалоит. Хымԥада, ҳара ҳацклаԥшлоит уа ахҭысқәа шцало. Аҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы, аҭынч ԥсҭазаара шьақәгылап ҳәа агәыӷра ҳамоуп, уи ашьҭахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ашьаҭа ҳкып", - ҳәа Иемен иҟанаҵаз аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит Хәытаба.
2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсны азхазҵаз раԥхьатәи ҳәынҭқаррахеит. Уи ашьҭахь Аԥсны азхарҵеит Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу.
2018 шықәса рзы Шьамтәыла ахада Башар аль-Асад Аԥсны азхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит, 2021 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсни Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.