"Сызмыртәо, сызмырцәо, сгәысҽанӡамкәа исҭаауа ахәыцрақәа уаҩы идикылартә, иаҳа иҵегьы иҵаулахазшәа исыдыскылоит абри ашәҟәы. Аԥхьаҩ еиҿирԥшуеит уажәы иҭыҵызи уаанӡа дзыԥхьахьази. Уаанӡагьы гәҭыхаҳәарак иаҩызан са сзы, аха уажәтәи иаҳа ахшыҩзцара иамыршьыкәа иаҳа ацәанырра, аԥсҭазаара аҭаны иалҵызшәа збоит. Еиуеиԥшым атемақәа - адунеи, ауаҩы, аԥсабара, ауаҩы изцәырымго гәынхәҵысҭәалатәи идунеидкыларақәа. Исымҩыр ада ԥсыхәа сымамкәа убраанӡа саннеилак акәын ақьаад иананысҵоз, уи уахынла, зны уцәырҳаны уааԥшны иануҵар ҟалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Занҭариа.
Апоет арадиоефир аҿы даԥхьеит дахьиз, иахьизҳаз аҭыԥ изацу агәхьаагара иазку аизга ианалаз иажәеинраала.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.