Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Маршьан Жәлар рартист Едуард Бебиа изкны

Аԥсны Жәлар рартист, ансамбль "Шьараҭын" аԥҵаҩы Едуард Бебиа дызнысыз амҩа, аусураҟны дзықәныҟәоз аԥҟарақәа, иуаҩышьа атәы игәалаиршәоит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Зураб Маршьан.
Sputnik
Иналукааша ахореограф, абалетмеистр, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аиҿкааҩ, амилаҭ кәашаратә ҟазара апропагандаҟаҵаҩы, Жәлар рартист, Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Едуард Бебиа диижьҭеи иахьа 85 ҵит. Иара ибзиаӡаны идыруан жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи афольклор.
Едуард Уаҳаид-иԥа 1970 шықәсазы Аҟәатәи Аҵаралашаратә ҵараиурҭаҟны еиҿикааит, акыраамҭа напхгара зиҭоз аҿар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын". Анаҩс уи апрофессионалтә коллектив иаиуеит адунеизегьтәи ахьӡ-аԥша. Дара инарыгӡон аԥсуа жәытә кәашарақәа, Кавкази егьырҭ атәылақәа рыжәларқәа рыкәашарақәа.
Едуард Уаҳаид-иԥа Бебиа иԥсҭазаара далҵит 1996 шықәсазы.
Аҟаза ду дигәаларшәо Зураб Маршьан иазгәеиҭеит аусураҟны иџьбарра, аҽазыҟаҵарақәа дшырзыҟаз, урҭ ирыгхар шыҟамлоз акәашацәа.
"Зны Отаԥынтәи сшаауаз ҳавтобус бжьысын, убри ҩымш иасҳәон иҟалаз атәы. Сыгәра игеит, аха гәаҟрала хымш рышьҭахь. Аҽазыҟаҵарақәа анцоз, аӡәы ибжьы гар ҟалаӡомызт. Убриаҟара дымчын, "иҟасҵогьы сҭахым" ануҳәозгьы ыҟан, аха ашьҭахь алафгьы иҳәон", - ҳәа игәалаиршәеит Маршьан.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.