Иахьа адунеи аҿы иазгәарҭоит зегь реиҳа ихаау, ахәыҷқәа бзиа еицырбо аршәы амш. Ааигәа Гәдоуҭа ақалақьтә парк аҿы 15-шықәса зхыҵуа Алан Гәымба инапала аршәы ҟаҵаны аҭира далагеит. "Уажәраанӡа аус сымуцызт. Ҩымш-хымш аршәы аҟаҵашьа сҵон, анаҩс аусура сҭыҵит. Есыҽны асааҭ 2 инаркны уахынла 10 рҟынӡа аус зуеит. Ауааԥсыра иргәаԥхоит, еиҳарак хәылбыҽхала ирацәаҩны иааиуеит. Макьана иадҵаало аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Алан.
Алан иҳәеит дызҿу аус ианидыргала иаразнак дшақәшаҳаҭхаз. Иара раԥхьаӡа акәны уаҩынаӡак иаҳасабала аус иуеит. Ихаҭа аршәы бзиа ишибогьы, уажәшьҭа ишигәахшәахьоу азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.