Аԥсны

АКХ аҟны ирҳәеит Алашарбагатәи алхратә ҭыԥ хадахь бжьаратәла ауаа рааишьа шаҟа ыҟоу

Алхратә ҭыԥқәа аадыртит асааҭ 08:00 рзы, аус рулоит асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Жәлар Реизарахь адепутат иалхаз алхрақәа ҟны адепутатцәа ралхрақәа рахь асааҭ 15:00 рзы 27% алхыҩцәа ааихьан, абри азы адырра ҟанаҵоит Алхратә комиссиа хада.
Аԥсны Апарламент ахь 8-тәи алхратә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи) аҟны адепутатцәа ралхрақәа рахь асааҭ 16:00 рзы 33% алхыҩцәа ааихьан, абри азы адырра ҟанаҵоит Алхратә комиссиа хада.
Рыбжьы арҭахьан асиа иану 4 039-ҩык алхыҩцәа рахьынтәи 1 313-ҩык.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥган хәажәкыра 12 рзы. Усҟан 8-тәи алхратә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи) аҟны иқәгылан 7-ҩык акандидатцәа.
Алхрақәа аҩбатәи атур ахь инеит ҩыџьа акандидатцәа Леон Гәбази Наур Нарманиеи. Хәажәкыра 26 рзы имҩаԥгаз аиҭалхрақәа рыҟны рҩыџьагьы абжьқәа еиҟараны ироуит, уи алагь алхрақәа мҩаԥымсӡеит ҳәа иԥхьаӡан.
Алашарбагатәи алхырҭатә ҭыԥ хада адагьы, аиҭалхрақәа мҩаԥысит 18-тәи аҭыԥ хадала (Гәдоуҭатәи актәи ақалақьтә) лаҵара 14 азы. Уаҟа депутатс далырхит Леонид Лакербаиа.