Аԥсны

Аԥсуа ҽааӡаҩ иҽы аԥхьахә ҭыԥ ааннакылеит

Урыстәыла амш иазкны Краснодартәи аҽырҩырҭаҿ имҩаԥган аҽырыҩра.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Ахра Ашәба иҽыҩ аиааира агеит Краснодартәи аҽырҩырҭаҿ имҩаԥысуаз аҽырыҩра аҟны ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы.
Хышықәсеи уи инеиҳауи рыбжьара1200 метра аҩраҟны, ахьӡҷыда Старк ҳәа измоу аҽыҩ аиааира агеит.
Аҽырыҩрақәа жәаба мҩаԥган, аиааира иазықәԥон ашьацқьа злоу арабтә, англызтә, ахалтекинсктә ажәлақәа иреиуоу быжь-ҽыҩк.