Аԥсны

Даур Ақаҩба Аԥсны антикатәи аҭынха далацәажәеит Ҟрым аконференциаҿы

Усурала Ҟрымҟа ицаз аԥсуа делегациа напхгара алҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. Усутә ныҟәарыла Ҟрымҟа ицаз аԥсуа делегациа аилазаараҿы иҟоу Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩба ихы алаирхәит Ажәытәӡатәи аамҭақәа ирҭынхаз ақалақьқәа реидгыла алахәылацәа реизара. Абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Ҟрым аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов инапхгарала имҩаԥысуа аизара рхы аладырхәит Керч, Новороссииск, Феодосиа, Симферополь, Таганрог, Таман ақалақьқәа рхаҭарнакцәа.
Аидгыла еиҿкаан ажәытәӡатәи аамҭақәа рҭынха ахьыҟоу ақалақьқәа рыбжьара аидгылареи аимадарақәа рыӷәӷәареи рзы. Аилатәара мҩаԥысит антикатәи акультуратә фестиваль "Боспорские агоны" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны
Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи акультура ахырхарҭала аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аус адырулоит
Иара убас Даур Ақаҩба далахәын ақалақьқәа рыбжьара аусеицура ашьақәыргылареи арӷәӷәареи ирызкыз аҭҵаарадырратә конференциа.