Аԥсны

Гагра имҩаԥысит урыстәылатәи аԥқьаҭасраз ареитингтә еицлабра

Аицлабра "Гагра амшын аҟны" иалахәын Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи 60-ҩык аԥқьаҭасыҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Урыстәылатәи аԥқьаҭасратә ареитенгтә еицлабра аԥшьбатәи акатегориа мҩаԥысит Гагра ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аицлабра аӡбаҩ хада Саид Беиа.

"Шықәсқәак раԥхьа Урыстәыла азыҟаҵаратә ҩаӡара соуит, сара исылшеит аицлабрақәак Аԥсны рымҩаԥгара. Иаиааиуеи аԥхьахә ҭыԥқәа аанызкылои урыстәылатәи аԥқьаҭасрааз атур аҟынтәи ареитенгтә кәаталақәа роуеит иааныркыло аҭыԥқәа азгәаҭаны. Ареитингла иреиӷьу жәаҩык аԥқьаҭасразы Урыстәыла еизгоу агәыԥ иалалоит", - иҳәеит иара.

Аицлабра мҩаԥысуан рашәара 4-10 рзы. Уаҟа иалахәын Аҟәа, Гагра, Пицунда, Екатеренбург, Санкт-Петербург, Шәача, Москва, Уфа,Таганрог, Киров, Кемерово рҟынтәи 60-ҩык аспортсменцәа.
Аԥсны
Аԥснытәи аԥқьаҭасҩы Уфа имҩаԥысуаз аицлабраҿ аиааира игеит
Афинал аҟны жәашықәса зхыҵуа рыбжьара аиааира игеит Нестор Цужба, 13-шықәса зхыҵуа рыбжьара "араӡны" медал даԥсахеит Аҟәантәи аспортсмен Сабри Нанба.
Жәашықәса раахыс имҩаԥысуа аицлабра " Гагра амшын аҟны" уажәшьҭа итрадициахеит.