Ааигәа иҭыҵит асахьаҭыхҩы иусумҭақәа 700 инареиҳаны еидызкыло ашәҟәы, уи авторс дамоуп Елена Лабахәуаԥҳа. Баҭал Џьапуа иазгәеиҭеит акаталог инапаҟны ианнеи, иаразнак игәы ишҭиҳәааз, зыхьӡ рдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа зегьы русумҭақәа зну ашәҟәқәа ус еиԥш ирымандаз ҳәа. Амилаҭтә парк "Аԥсны" ацәыргақәҵатә зал аҟны асахьаҭыхҩы иусумҭақәа аҿыханҵеи аграфикеи ӡыргоуп, еиҳарак "Ацынҵәарахи" "Аԥсықәҵареи" рсериақәа рыла. Ацәыргақәҵа ҩымз аус аулоит.
Убасгьы Амилаҭтә парк аҟны игылоу абааш аԥшра змоу ахан Баҭал Џьапуа иескизқәа рыла архиара даҿуп аҟаза Александр Веселовски. Абааш аҭыӡқәа ҩба 70 процент рҟынӡа сахьала ирҩычахьеит мурал атехникала. Џьапуа иазгәеиҭеит асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа азҿлымҳара арҭазҭгьы аԥышәа змоу аурыс ҟаза иусушьа иҿырҵааша шмаҷымыз.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.