Аԥсны

Мызки бжаки рыҩнуҵаҟа аретро-дәыӷба "Шәача" 7,5 нызқьҩык апассаџьыр мҩаԥнагеит

Аретро-дәыӷба "Шәача" бжьалеит мшаԥы 30 инаркы Тҟәаԥс-Шәача- Гагра ахырхарҭала.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Атуристцәа рзы аретро-дәыӷба "Шәача" мшаԥы 30 инаркны рашәара 11 нӡа 7,5 нызқьҩык апассаџьыр мҩаԥнагеит, 85% 2021 шықәа аасҭа еиҳауп ҳәа аҩуеит РИА Новости Афедералтә пассаџьыртә еилахәыра Нхыҵ-Кавказтәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вадим Соловев шьаҭас дааганы.
"Адәыӷбахь азҿлымҳара еиҳа-еиҳа иазҳауеит. Убас, мшаԥы 30 инаркны рашәара 11 нӡа атуристтә дәыӷба имҩаԥнагахьеит 7,5 нызқьҩык апассаџьыр, 85% еиҳауп 2021 шықәазтәи алҵшәақәа раасҭа", - иҳәеит Соловев.
Атуристә ретро-дәыӷба раԥхьаӡа акәны ари ахырхарҭа мҩала ибжьысит нанҳәа 15 2020 шықәсазы. Соловев иажәақәа рыла, ари адәыӷба ҩышықәсеи бжаки ирылагӡаны 80 нызқьҩык апассаџьырцәа мҩаԥнагеит.
Вадим Соловев иара убасгьы иҳәеит, ари аамҭа иалагӡаны атуристә дәыӷба "Шәача" амҩа ахәԥҵәа аҽшамԥсахуа.
Адәыӷба 10 вагонк рыла ишьақәгылоуп, 386-ҩык апассаџьырцәа рҭыԥ амоуп.
Ҩышәҩык апассаџьырцәа: Тҟәаԥсынтә Гагра иааит атуристтә ретро-дәыӷба
Амҩан иааҭгылоит Лазаревск, Лоо, Дагомыс, Шәача, Адлер, акурорт Имеретинск, Веселое, Цандрыԥшь рыҟны.