Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа аамҭалатәи аԥкрақәа иацырҵеит рашәара 18 рҟынӡа

Росавиациа аԥкрақәа аланагалеит жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь, уи аахыс изныкымкәан аҿҳәара иацырҵахьеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. "Урыстәыла 11 ҳаирбаӷәазаҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп рашәара 18 нӡа ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.
Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵаркуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа зегьы аус шыруц ируеит.
Росавиациа аԥкрақәа аланагалеит жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь ҳаиртә баӷәазақәак рҵакырақәа шәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡаны.