Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысуеит ақалақьтә еизарахь адепутатразы алхрақәа

Алхрақәа азгәаҭан ақалақьтә алхырҭатә ҭыԥ аҟынтәи депутатс иҟаз Нарсоу Салаҟаиа Аԥсны Жәлар Реизарахь депутатс дахьалырхыз азы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь аиҭалхрақәа ирылагеит амҽыша рашәара 12 асааҭ 8:00 рзы.
Аҭыԥантәи адепутатрахь иқәгылоу ҩыџьа акандидатцәа - Енвер Чамагәуеи Аслан Џьопуеи.
"Алхрақәа ирылагеит ашьыжь асааҭ 8 рзы Ажәытә ҳаблаҿы иҟоу алхратә ҭыԥ №14 аҿы. Зегьы шахәҭоу еиԥш имҩаԥысуеит", - иҳәеит Аҟәа ақалақьтә алхратә комиссиа ахантәаҩы Адгәыр Лагәлаа.
Абжьыҭара мҩаԥыслоит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Заатәи алҵшәақәа рыӡбахә рҳәоит ашәахьа, рашәара 13 рзы.
Алхрақәа азгәаҭан ақалақьтә алхырҭатә ҭыԥ аҟынтәи депутатс иҟаз Нарсоу Салаҟаиа Аԥсны Жәлар Реизарахь депутатс дахьалырхыз азы.