Аԥсны

Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит

Урыстәыла Амш - ҳәынҭқарратә ныҳәоуп, уи есышықәса иазгәарҭоит рашәара 12 рзы, РСФСР Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа анрыдыркылаз амш аҽны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи иколлега Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ари амш аҳәынҭқарратә ныҳәақәа зегь раасҭа ирхадоу ишреиуоу, уи ишаанарԥшуа зыдҵақәа лҵшәа бзиала изыӡбо, ауадаҩрақәа риааишьа иақәшәо Урыстәыла злаӷәӷәоу амилаҭтә акзаареи, ахыԥшеи, амчи.
"Исымоу алшара схы иархәаны иазгәасҭар сҭахын Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи активла иҿио аҩтәылак ирзыфеидоу ганрацәалатәи русеицура. Агәраганы сыҟоуп Аҟәеи Москвеи реимадарақәа наҟ-наҟгьы аилибакаареи аҳәынҭқаррабжьаратә еиҿцәажәарақәеи рыла ишырӷәӷәахо", - ҳәа ануп адныҳәалара атекст аҿы.
Урыстәыла Амш азгәарҭо иалагеит рашәара 12 1990 шықәса раахыижьҭеи, уи аҽны имҩаԥысыз РСФСР Жәлар рдепутатцәа актәи Реизара ду аан ирыдыркылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа.