Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа инамаданы Аԥсны ашәарҭадара

"Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара Урыстәыла Украина иҷыдоу арратә аоперациа амҩаԥгараан" ҳәа темас измаз астол гьежь мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҿы. Арадиостудиаҿы уи аихшьалақәа ҟаиҵеит алахәыла, асоциал-економикатә ҭҵааракәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа.
Sputnik
Дамениа иазгәеиҭеит аибашьра ахҟьақәа аҭоурых ахь ишцо. Раԥхьа инаргыланы иара игәаанагарала ауаа амазара арҳара амҩа иануп, аха уи азы аԥсабаратә ҭаҵәахқәа азхаӡом, уи ауп изыхҟьогьы Европеи Урыстәылеи реиҿагылара.
"Урыстәыла иамоуп аԥсабаратә ҭаҵәахқәа рацәаны, уи ауп Асовет Еидгылагьы зыхдырбгалаз мраҭашәараа. Адгьылҵакырақәа рнапахьы иааргар рҭахын, иахьагьы уи ауп изышьҭоу", - ҳәа азгәеиҭеит Дамениа.
Иахьатәи аибашьра иаабац, ашәҟәқәа рҿы иаҳԥыло иреиԥшым.
"Ауаҩы ихдырра рыԥсахыр рылшоит. Убри алагьы рнапахьы дааргоит. Аԥсны ҳшыҟоугьы, зыхшыҩ цқьоу, ахәыцра зылшо аԥсуаа ҳахдырра аҽаԥсахит. Ари атәыла ашәарҭара иҭанаргылоит", - иҳәеит Дамениа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.