Аԥсны

Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Палестинеи рыцҳаражәҳәаҩцәа адипеизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит

Рашәара 12 рзы Дамаск имҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Палестинеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Баграт Хәытабеи Самир Аль-Рифаи реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Палестинеи рыцҳаражәҳәаҩцәа аҩтәылак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
Палестина ацҳаражәҳәаҩ агәыӷра ааирԥшит ҩганктәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рӷәӷәахап ҳәа.
Баграт Хәытаба иакәзар, адкыларазы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, агәрагарагьы ааирԥшит ҩганктәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟа аҿиара шроуа.