Аԥсны

Зхьаԥшра змам аблахкыга: Афонҿыцтәи аангыларҭа "Ԥсырӡха"

Аихамҩатә аангыларҭа "Ԥсырӡха" аԥсшьаҩцәа азҿлымҳара зырҭо Афон ҿыц иҟоу аҭыԥ ԥшӡарақәа ирхыԥхьаӡалоуп.
Sputnik
Аангыларҭа "Ԥсырӡха" ргылан 1944 шықәсазы аӡиас Ԥсырӡха ахықәан, Афонҿыцтәи аӡеизакырҭа азааигәара.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аплатформа хьӡыс иаман "Дача", "Агараки", 1967 шықәсазоуп "Ԥсырӡха" анахьыӡха.
Сталинтәи аепоха иатәу аҳаԥкылҵәа апорталқәа - ари Кавказ иаҵанакуа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы амагистралтә еихамҩа аргыларазы аҵыхәтәантәи ргылароуп.
2009 шықәсазы аплатформаҿы иаангылон аелектричкақәа. Иахьазы уахыки-ҽнаки знык араҟа иаанҿамскәа имҩасуеит адәыӷба "Аҟәа-Москва".
1 / 14

Аихамҩатә аангыларҭа "Ԥсырӡха" аԥсшьаҩцәа азҿлымҳара зырҭо Афон ҿыц иҟоу аҭыԥ пшӡарақәа ирхыԥхьаӡалоуп.

2 / 14

Иара ргылан 1944 шықәса рзы аӡиас Ԥсырӡха ахықәан.

3 / 14

Аангыларҭа "Ԥсырӡха" раԥхьа хьӡыс иаман "Дача", 1951 шықәсазы аплатформа "Агараки" ҳәа ахьӡ рыԥсахит.

4 / 14

Уаанӡа ари ахышә аҟны абилетқәа рҭиуан, уажәазы иҭацәуп.

5 / 14

Амаакырақәа рыԥшӡара еиқәханы иҟоуп.

6 / 14

Апавильон аҟны аҭуангьы уамакала иԥшӡоуп.

7 / 14

Еиқәханы иҟоуп аҭыԥхьыӡ зну аҩыра, анбанқәа ажьақца иагахьеит акәымзар.

8 / 14

Аколлонақәа шыҟац иҟоуп, ажәра ргәы иҭам.

9 / 14

1967 шықәсазы аангыларҭа изҿықәгылоу аӡиас Ԥсырӡха ахьӡ ахырҵеит.

10 / 14

Апавильион атәарҭақәа абас иҟоуп.

11 / 14

"Псырӡха" –аԥсшьаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи бзиа ирбо ҭыԥуп.

12 / 14

Аихамҩатә аангыларҭа ауаа аҭаауеит, аха раҟа адәыӷбақәа аангылаӡом.

13 / 14

Сталинтәи аепоха иатәу аҳаԥкылҵәа апорталқәа - ари Кавказ иаҵанакуа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы амагистралтә еихамҩа аргыларазы аҵыхәтәантәи ргылароуп.

14 / 14

Иахьазы уахыки-ҽнаки знык араҟа аанҿасрыда имҩасуеит адәыӷба "Аҟәа-Москва".