Аԥсны

Аҟәа Урыстәыла адгылара аарԥшразы анбан Z ықәдыргылеит

Урыстәыла анбан Z Украина абџьарҟәныхразы имҩаԥнаго аоперациа ҷыда адгылара аазырԥшуа символхеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аҟәа Урыстәыла адгылара аарԥшразы анбан Z ықәдыргылеит абаталион "Горец" афонд аҿаԥхьа, аброуп ихьыҟоу Донбасс ацхрааразы Аԥснытәи ауаажәларратә штаб. Абри атәы аанацҳауеит Аштаб.
Асимвол шьақәдыргылеит Урыстәыла адгыларазы, аоперациа ҷыда иалахәу урыстәылатәии аԥснытәии аибашьцәа ргәы арӷәӷәаразы.
Аемблема Z ҟарҵеит Ауаажәларратә штаб аволонтиорцәа рхатәы харџь ала.
Афонд аофис Аҟәа Абазақәа рымҩа, 59 аҿы иҟоуп.