АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аҳаиртә еилахәыра Uzbekistan Airways Ташкенти Намагани рҟынтәи Шәачаҟа ареисқәа ҩаԥхьа ирыцнаҵоит ԥхынгәы 31 рҟынӡа, абри атәы аилахәыра иаанацҳауеит аофициалтә Telegram-канал аҿы.
Узбектәи ақалақьқәа рҟынтәи Краснодари Ростов-на-Донуи рахь ареисқәа аанкыланы Шәачатәи аҳаирбаӷәазахь ииаган жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалагаз инаркны.
Уи аахижьҭеи Росавиациа Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҟны аҳаирбаӷәазақәа 11 рахь аԥыррақәа уажәы-уажәы иахьааннакылоз азы авиамҩангаҩцәагьы урҭ аԥкрақәа ирыцырҵон.
Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҳаиртәбаӷәазақәа рахь аԥыррақәа ааныркылеит жәабран 24 инаркны урҭ рҵакырақәа ашәарҭара рыҵоуп ҳәа ишьаны. Уи аахыс лассы-лассы аԥкрақәа ирыцырҵон, аҵыхәтәаны аԥкрақәа ирыцырҵеит рашәара 18 рҟынӡа.
Апасаџьырцәа рырманшәаларазы урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа еиҿыркааит даҽа хырхарҭамҩақәак рхы иадырхәарц, иаҳҳәап, Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва.