Акциа "Агәалашәара ацәашьы" мҩаԥгахоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аналагаз амш аламҭалазы

Иҳаҩсыз ашықәс азы акциа абзоурала аветеранцәа рыцхыраразы афонд еиднакылеит 300 нызқь мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Ԥхынгәы 22 - Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аналагаз амш аҽны адунеи аҟны имҩаԥгахоит онлаин-акциа "Агәалашәара ацәашьы". Абри атәы аанацҳауеит акциа аофициалтә саит.
"Онлаин ала "иадыркуа" ацәашьқәа рхыԥхьаӡара уи -мааҭуп, урҭ аԥарақәа афонд "Абиԥарақәа ргәалашәара" аибашьра зхызгаз амедицинатә цхыраара рыҭаразы иахырыԥхьаӡалоит.
2021 шықәсазы онлаин-акциа аҟны иаркын 333 094 цәашьы, еидкылаз аԥарақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа хҩык рыцхыраара иазырхан- иаахәан ахрыцқьаратә маҭәарқәа, ахымхәацәа зықәтәо арныҟәагақәа, рыхәшәтәра ахә ахшәаан.