Аԥсны

Арҩашьыгатә маҭәашьар зҭиуаз аԥсуа-аурыс ҳәааҿы даанкылоуп

Иаанкылоу идбалоуп 0,95 грамм акокаин.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" анаркотика аконтрабандра даҿуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны дааныркылеит Аԥсны атәылауаҩ, ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.
42 шықәса зхыҵу ахаҵа Урыстәылантәи Аԥсныҟа даауан, аҳәаа захыгара ҟамло амаҭәашьарқәа умоума ҳәа азҵаара ирҭаз мап ахиҳәааит.
Аҳәаахьчаҩцәа аконтрабанда аиагара алшоит ҳәа ирымаз аоперативтә информациа аус адырулон аҟынтә, иаанкылаз хаҭала игәаҭара азырыӡбеит.

Иаанкылоу царҭа шимамыз анеиликаа, имацара иџьыба иҭигеит амаҭәашьар згәылаз аилаҳәыра, уи агәаҭара ианахрыжь ашьҭахь акокоин шакәыз еилкаахеит. Зынӡа идбалан 0,95 грамм.

Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 229.1 2 ахәҭа апункт "в" (анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабанда) ала ашьаус хацыркуп.
Аԥсны
Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсны анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа даанкылоуп