Аԥсны

Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы даҭоуп

Аԥсны ахада иҿы иҟоу Амассатә информациа хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы изы Адҵа инапы аҵеиҩит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа рашәара 13 азы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Алхас Манаргиа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Амассатә информациа ахархәагақәа реимадаразы аусбарҭа аиҳабыс даҭоуп, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа анапхгаҩ ҿыц аколлектив дыдирдырит рашәара 14 рзы.
Алхас Манаргиа - еицырдыруа алафҳәаҩ, ажурналист, амҩаԥгаҩ. Аамҭақәак рзы аус иуан Аԥсны акультура аминистр ихаҭыԥуаҩс, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апресс- маҵзуҩыс, акыр шықәса инеиԥынкыланы Sputnik Аԥсны арадио аҟны амҩаԥгаҩыс дыҟан, иара аԥсышәала еиуеиԥшым аиҿцәажәарақәа мҩаԥигон.