Наталиа Поклонскаиа Урыстәыла апрокурор хада иабжьгаҩс дҟаҵоуп

Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы зҵеиҩыз аусԥҟала Наталиа Поклонскаиа Россотрудничество аиҳабы ихаҭыԥуаҩраҟынтәи лхы дақәиҭтәын рашәара 13 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Наталиа Поклонскаиа Урыстәыла апрокурор хада Игор Краснов иабжьгаҩс дҟаҵоуп. Абри атәы Поклонскаиа ианылҵеит лхатәы Telegram-канал аҟны.

"Асоциалтә даҟьақәеи иаартны скьыԥхьымҭақәеи аанкылахоит. Уажәшьта "Урыстәыла апрокуратура азы" Афедералтә закәан инақәыршәаны Урыстәыла апрокурор хада сҿаԥхьа иқәиргыло адҵақәа рынагӡара салагоит", - ҳәа лыҩуеит Поклонскаиа.

Наталиа Поклонскаиа Россотрудничество аиҳабы ихаҭыԥуаҩра аҟынтә лхы дақәиҭтәын Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟа инақәыршәаны. Поклонскаиа аҳәамҭа ҟалҵеит лмаҵура дахьамырхыз даҽа усурак ахь дахьиаргоз азоуп ҳәа.
Наталиа Поклонскаиа Россотрудничество аиҳабы ихаҭыԥуаҩраҟынтә лхы дақәиҭтәуп