Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит азауад "Азот" аҟынтәи аҭынч уааԥсыра аларгарц

Уаанӡа, рашәара 13 рзы Киев адҵала аӡиа Аҩада Донец ихыз ацҳа ԥжәан, уажәшьҭа Лисичанск агана ала ауаа рзалгаӡом.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Украина урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит Киев хылаԥшра знауа Северодонецк аганахь ала ахимиатә зауад "Азот" иҟоу аҭынч уааԥсыра рзын агуманитартә мҩа аиҿкаара. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Амилаҭеилыхцәа рбаталион аибашьцәа Северодонецк аиланхарҭа ҭыԥқәа рҟынтәи ианхьаҵуаз шәҩыла аҭынч уааԥсыра хыхьчагас иҟаҵаны ираԥхьацаны ахимиатә зауад "Азот" иҭалеит", - ҳәа ахәоит аҳәамҭаҟны.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Украина иҟанаҵаз аҳәамҭа иахәаԥшуеит зыԥсы еиқәхаз аибашьцәа ралгара акәны. Убри аҟнытә "Азот" аҟынтәи амилаҭеилыхратә баталион аибашьцәа ирыдыргалеит иаанкылан ирымоу аҭынч уааԥсыра аужьҭны дара рабџьар шьҭарҵырц.
Аҭынч уааԥсыра - аҳәса, ахәыҷқәа абыргцәа ақалақь ааныжьра рылшоит Урыстәыла аруаа ирзаадыртуа агуманитартә мҩала рашәара 15 рзы Луганск ақалақь Сватов ала.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахахьы иагоит урҭ ралгараан ршәарҭадареи аамҭалатәи рынхарҭа ҭыԥи.