Аԥсны

Бжьаниа: Аԥсны изныкымкәа игәарҭахьеит НАТО аԥшыхәратә ҳаирпланқәа ҳҳәаақәа шеиларго

Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аоперативтә усура рӷәӷәазарц ааԥхьара ҟаиҵеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны азинхьчаратә маҵзурақәа изныкымкәа игәарҭахьеит НАТО аԥшыхәратә ҳаирпланқәа ҳҳәынҭқарратә ҳәаақәа шеиларго. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура 30 шықәса ахыҵра иазку агәырӷьаратә еилатәараҟны.
Атәыла ахада ааԥхьара ҟаиҵеит ахьчаратә маҵзура аоперативтә усура рӷәӷәазарц.
"Шәусураҿы аоперативтә хырхарҭа рӷәӷәатәуп <...>. Избанзар, ҳаҭыр зқәу ҳколлегацәа, ҳҩызцәа, ҳаԥхьаҟа имариам, даара имариам аамҭақәа шьҭоуп", - иҳәеит ахада.
Иара иргәалаиршәеит НАТО аҳаирпланқәа Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаақәа шеиларго азы аинформациа злоу Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз ажәахә атәы.
"Ирзымдыруа ҳәа иҟоуи ҳәа угәы иаанагар ҟалоит. Егры аӡиас ахьцо ицоит, Гал ахьыҟоу иҟоуп, уи зегь рзымдыркәа иҟам. Аха дара иҭырҵаауеит ҳархәҭақәа ахьцо-иахьаауа, иҳаргыло анџьныртә хыбрақәа уҳәа, дара арратә акциақәа рымҩаԥгаразы аҽазыҟаҵара ӷәӷәақәа ирҿуп", - иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит