"Мир" абанктә хсаалагақәа рыда ахәшәашьа ҿыц аланагалоит

Хәажәкыра 10 рынахыс Visa, Mastercard Урыстәыла русура ааныркылеит, арҭ ахәшәаратә системақәа аус руӡом аҳәаанырцәтә интернет-саитқәеи амаҵзурақәеи рҿы, урҭ рыла ахәшәарақәа мҩаԥугар ҟалоит атәыла аҩнуҵҟа мацара.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Ахасаалагақәа "Мир" ҭзыжьуа, иагьздызкыло урыстәылатәи абанкқәа урҭ зтәу рзы ахәшәашьа ҿыц рзаланагалоит жьҭаара 25 инаркны, абри атәы аарыцҳауеит "Известия".
Абанкқәа рыклиентцәа ироуеит алшара рсмартфорқәа рахь QR-кодқәа ҭагаланы абанктә хсаалагақәа ры урҭ рхархәара.
Ахсаалага зку аутентификациа дахысроуп. Уи адагьы, QR-код ала ахәшәара аналаргалалак ашьҭахь, аҭиҩцәа рҿгьы аԥсахрақәа алагалатәуп.
Иазгәаҭоуп "абри аан QR-код абзоурала ахсаалага ахаҭыԥан асмартфон ахархәара алшоит".
Аԥсны ахсаалагақәа "Мир" ахәшәаратә система АԤРА иалахәу абанкқәа рҿы рымаҵ руеит, уи иабзоураны атәыла иаҭаауа асасцәа уадаҩрада ахәшәарақәа мҩаԥыргалар мамзаргьы анапынҵа ԥара аҿыргалар рылшоит.
Аԥсны
Атуроператорцәа: Аԥсны "Мир" ахьаднакыло азы аԥсшьараз ирҭаху ахырхарҭақәа иреиуахоит
Аԥсны адагьы, "Мир" аус ауеит Ҭырқәтәыла, Виетнам, Ермантәыла, Узбекисҭан, Белоруссиа, Ҟазахсҭане, Киргизиа, Ҭаџьикисҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла. Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА асистема "Мир" ала аус злауа ала, аԥснытәи абанкқәа рыхсаалагақәа арҭ атәылақәа рҿы аусура рылшоит.